APSUAFORUM: The project of David Dasania. Проект Давида Дасаниа

Добро пожаловать на Форум! Welcome to our Forum!
Текущее время: 29 мар 2024, 16:23

Часовой пояс: UTC + 3 часа




Начать новую тему Ответить на тему  [ 1 сообщение ] 
Автор Сообщение
 Заголовок сообщения: Абызшǝақǝа рыҭҵаара аиҿкаара
Новое сообщениеДобавлено: 22 мар 2015, 13:14 
Не в сети
Администратор

Зарегистрирован: 25 ноя 2010, 15:04
Сообщений: 2195
Откуда: Аҧсны
Ҭырқǝтǝыла инхо ҳџьынџьуаа рахьтǝ аҧсшǝеи аурысшǝеи зҵар зҭаху рырдырразы

Акыр иаҧсоу Ҭырқǝтǝыла инхо ҳџьынџьуаа! Аҧсуаа, ашǝыуаа, ашьхарыуаа! Иахьа иҳамоуп шǝара ишǝаҳҳǝаша, шǝгǝы иаахǝаша ажǝабжь бзиа. Имаҷым иахьа Ҭырқǝтǝыла инхо ҳашьцǝеи ҳаҳǝшьцǝеи, рабдуцǝа рбызшǝа, рбызшǝа гǝакьа ззымдыруа. Аиашазы, зхатǝы бызшǝа ззымдыруа ауаҩы ҩныҵҟала еиҳа деибафоит. Уи игǝы измырцǝо мцак иалоуп. Уи ихы-игǝы аҿҿаҳǝа ибылуеит. Уи иҭахуп иҽиҟажарц, иӷроу амца еиқǝиртǝарц. Аха иҟаиҵалакгьы, имам ари ауаҩ аҭынчра. Еилфаҷа аус зуа ихшыҩ еиқǝиртǝар, игǝы хьаауеит. Игǝы хǝшǝык азиҧшаар, ицǝа-ижьы былуа далагоит. Избан уи ас зихьуа? Арҭ ацǝаныррақǝа хыҵхырҭас иамоу ҵҩоуп. Ҵахдыррала ауаҩы еиликаауеит игхаз. Игǝы иҭеиҳǝоит хатǝы бызшǝада аринахыс дышхǝарҭам. Уи азы иҵǝаауеит ицǝеижь злеибарку зыҧсы ҭоу ахацқǝа. Издыруеит Ҭырқǝтǝыла инхо ҳауаажǝлар рахьтǝ џьоукы рзы аамҭалатǝи аҵараиурҭақǝа шаартыз, уаҟа урҭ рхатǝы бызшǝа шырҵоз. Издыруеит бжеиҳараҩык ирҵазгьы шырхашҭхьоу. Зегьы зхьыҧшу аҵатǝхǝы анагашьоуп. Аҧсшǝа аӡǝы иимырҵароуп абызшǝа злашьақǝгылоу ашьҭыбжьқǝа рҵакы ззымдыруа ауаҩы. Уахьынаҧшуа лассы-лассы иаабо ҭагылазаашьоуп абызшǝа агǝыцǝ еилымкаакǝа аҵатǝхǝқǝа рымҩаҧгара ишалаго рҵаҩцǝас зхы зыҧхьаӡо ауаа.
Сара иахьа ишǝыдызгалоит аус бзиа. Ҭырқǝтǝыла инхо рҟынтǝ аҧсшǝеи аурысшǝеи зҵар зҭаху имоуп алшара уи арҵаразы еиҿаҳкаауа агǝыҧқǝа рылалара. Аҧсшǝа хазы, аурысшǝа хазы аҭҵаара ҳǝа акǝымкǝа, иааизакны, шǝара ишǝымоуп алшара аҩ-бызшǝак рыҭҵаара. Насгьы шǝара шǝзыҳǝа аашьарада ҳара еиҿаҳкаауа агǝыҧ иалало ауаа арҭ аҩ-бызшǝак дҳарҵоит еиҳа еилышǝкаауа аҭырқǝшǝа ашьаҭала.
Ҳара ҳазхиоуп интернетла шǝзынашьҭра шǝҟǝыла-быӷьшǝыла (меҭинла), насгьы аудио ала еиқǝыршǝоу аҵатǝхǝқǝа (адерсқǝа). Ақьаад иану амеҭин ишǝзынаҳашьҭуа аудио иақǝшǝалоит. Раҧхьаӡа шǝара ижǝбоит атеқст (амеҭин) ҭырқǝшǝала, анаҩс аҧсышǝала, уи аамышьҭахь урысшǝала. Атеқст (амеҭин) аҿы ишǝзымдыруа абызшǝақǝа рҟынтǝ ажǝақǝеи аҳǝоуқǝеи ироуеит аҭырқǝа нбанла атранскрипциа (çevriyazı). Шықǝсык ала шǝара ишǝҵоит аҧсшǝеи аурысшǝеи.
Ари аҩыза агǝыҧ иалалар зҭаху иаашǝышьҭырц шǝылшоит азыразга абри аҧошьҭатǝ адрес ала: dasania@mail.ru. Агǝыҧ зегьы ианеиҵаха иалазароуп 20-ҩык ауаа, аҧсшǝеи аурысшǝеи еицызҵарц зҭаху. Агǝыҧ иалаларц агǝаҧхара змоу иҟалоит даҧсыуазар, иҟалоит егьырҭ амилаҭқǝа дырхаҭарнакзаргьы.
Агǝыҧ иалало e-mail ала ироулоит мчыбжьык ахьтǝ знык бжьымш иазхаша, мышкы 30 минуҭ аҽазыҟаҵара еиҳам, иҭбаау аҵǝатǝхǝқǝа (адерсқǝа). Ишǝыдаҳгало абызшǝақǝа рыҭҵаара мызктǝи ахǝ иартǝоит 40 доллар. Агǝыҧ иалало ироураны иҟалоит ахǝ зҭаргалаша абанктǝ лаҵарҭа (banka hesabı).

ИзображениеИзображение


Вернуться к началу
 Профиль  
 
Показать сообщения за:  Поле сортировки  
Начать новую тему Ответить на тему  [ 1 сообщение ] 

Часовой пояс: UTC + 3 часа



Кто сейчас на конференции

Сейчас этот форум просматривают: нет зарегистрированных пользователей и гости: 2


Вы не можете начинать темы
Вы не можете отвечать на сообщения
Вы не можете редактировать свои сообщения
Вы не можете удалять свои сообщения
Вы не можете добавлять вложения

Найти:
Перейти:  
cron
Powered by phpBB © 2000, 2002, 2005, 2007 phpBB Group
Вы можете создать форум бесплатно PHPBB3 на Getbb.Ru, Также возможно сделать готовый форум PHPBB2 на Mybb2.ru
Русская поддержка phpBB