Ҳатыр згымхаша Давид! Уара уҟнытә ас еиҧш иҟоу ажәа ансаҳа, сгәы хәшак аахьыршьызшәа избеит. Иабатәи ҕбоу, џьушьт, флыка хәыҷык акәхандаз)), иара уигьы сцәырацәоуп. Еилыскааит, сгәы ашьҭыхразын ишуамхаҳәаз, аха ара уажәы ажәа ҧшӡақәа ремадара ишазкым ала уфорум, даҽак нацысҵоит жәеинраалак, Катулл итәы, аурым шҟәыҩҩы. Уи аритм арбашьа сашьҭамызт, аурыс еиҭаҿгьы уи ишашьҭамыз. Иҟоуп еиуеиҧшым аиҭагақәа, руак Тухманов идиск аҿгьы (по волнам моей памяти) шәак алхны иҭижьхьан, уи ритмла еиҳа иазааигәан ҳәа сгәы азҩоит Катулл итәы (зеленее становлюсь травы и вот-вот как будто с жизнью прощусь я). Сара абра ажәак ииашамкуа иасырбеит уи ақәыҕәҕәараҿы, агәеисразы "згәы имеи'суа" ацынхәра исҳәеит "згәы и'меисуа". Саҭарымҵааит уи азы аҧхьаҩцәа, ажәеинраалаҩраҿы ус иҟалозаап, ақәыҕәҕәара ишузыманшәалоу иниааго-ааиаго. (По мне тот не смертный, а бог безмятежный, Кто может спокойно сидеть пред тобой, И слушать твой голос пленительно-нежный, И смех восхитительный твой. От этого счастья в предвиденьи муки Мне душу теснит уж испытанный страх, Тебя лишь увижу, о, Лесбия, звуки В моих замирают устах. Язык мой немеет, в крови моей пышут Бегучими искрами струйки огня, Слух притупляется, уши не слышат, Немолчным прибоем звеня.) Сара стәала дуаҩытәыҩсам, дынцәахәуп Ишҭҟьара бара бҿаҧхьа згәы и'меисуа, Ибҿаҧшуа, ибацәажәо, зуыс мариоу, Зымҩала ҭынч ибымҩасуа. Сара сакәзар, убриҵәҟьа исызгәаҕьрым, Схы стәны саанхарц азы, Лесбиа, сшыҟоу, Зныктәи быгәхьаагаратәы сызҳәарым, Адунеигьы аҧсҭазаарагь знык ауп. Уи сҽазыскыр, сыбз ааҳәуеит, Амцашоура насхалоит сабылратә, Сшьа сда иалоу зегьы ааилашуеит, Сыла ак амбаӡо иалагоит.
|