APSUAFORUM: The project of David Dasania. Проект Давида Дасаниа

Добро пожаловать на Форум! Welcome to our Forum!
Текущее время: 29 мар 2024, 01:52

Часовой пояс: UTC + 3 часа




Начать новую тему Ответить на тему  [ Сообщений: 6 ] 
Автор Сообщение
 Заголовок сообщения: Аҧсуа жәлар ҳҧеиҧш
Новое сообщениеДобавлено: 19 ноя 2012, 11:18 
Не в сети
Администратор

Зарегистрирован: 25 ноя 2010, 15:04
Сообщений: 2195
Откуда: Аҧсны
Аиашазы, ауаҩы иҧса злаҟоу алоуп иҧеиҧшгьы шыҟало. Даҧсазар, аҧсҭазаара бзиа иоуеит, даҧсамзар – ауадаҩрақәа. Ҳабзиарақәа шырацәоугьы, ҳхымхәыцра рацәаӡоуп. Бзиа иаабоит ҳауадаҩрақәа аӡәы иҵгара, ҳаашьара аӡәы ихаратәра. Угәы иаанагап, аҧсуа жәлар ҳазҭымҵуа абнаршәыра ҳалоушәа, арахь унаҧшыр – зегьы зхароу, аҭагылазаашьа ҵаулазтәуа ҳара ҳхаҭақәа ҳауп.
Абар уажәшьҭа ҩажәа шықәса ҵырц егьагым Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира наӡа аагеижьҭеи. Аха аибашьраҿ аиааира анаага, аҭынчбзазараҿ иҟаҳҵо ҳзымдыруа ҳақәхеит. Араҟа иҵарӡаны ицәырҵит ҳхагылацәа рызҵаара. Урҭ зыӷәӷәамхеит, ҳдыркәадеит, рҳәынҭқаршьа иалашьцылт, ишнеи-шнеиуаз рхатә усқәа рыӡбара иналагеит, рыуа-рҭынха шьҭыхны. Ажәауаара анруҭа, абақьасра иналагоит, ацәажәашьа, ауаа рыргаӡашьа рҵеит, ауаа жьжьаны аҧара ҟарҵеит, хҧа-хҧа миллион зыҧсаз амашьынақәа аархәеит… Ажәакала, ирзыҟалеит изқәымгәыӷуаз акашырраамҭа.
Сара уажә сызлацәажәарц исҭаху ачынуаа рылабжьара акәӡам. Аҧсны аҩныҵҟа аидеологиатә шьақәгыла ахьыҟам азоуп. Ҳтелехәаҧшрақәа ажәлар рыгәцаракрақәа рызхарҭәаауам, аҧсуа ибжьы арадио ала Аҧсны аҳәақәа ирызҭыҵуам, арахь азыӡырыҩцәа ржьоит атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы иаҳзыӡырыҩуашәа. Иаарласӡаны, ари аҟазаареи аҟамзаареи ирызҵаароуп, иҳауроуп икьаҿу ацәқәырҧала адунеи аҧсуа ибжьы ахазырҵәо, аппаратурала уадак абжа иҭаугӡо астанциа. Иаҳмоур ҟалом амҩанызатә (аспутниктә) телехәаҧшрагьы.
Уаҟа аус зызуша ауаа, Анцәа иџьшьаны, иҳамоуп… Иаабар ҳҭахымзар, уи даҽа зҵаароуп. Аҧышәа акәзар, аҧышәа змоугьы маҷӡам. Аха сара иахьа иҟоу аҟынтә (Аҧсуа телехәаҧшра, ателеканал «Абаза», араионтә телехәаҧшрақәа, Аҧсуа радио) исгәаҧхо маҷуп. Урҭ аҧхӡы икарҭәо алҵшәа хьысҳауп: аҧхӡы еиҳа ирацәоуп алҵшәа аасҭа. Аусушьа удыруазар, рацәак уҽмырааҧсакәагьы ауаҩы игәы иҭымҵәо, аҧсшәа лымкаала еиқәзырхо, ажәлар «Анцәа иџьшьоуп» ҳәа зхырҳәаауа апроеқтқәа мҩаҧугоит.


Вернуться к началу
 Профиль  
 
 Заголовок сообщения: Re: Ҳара, аҧсуа жәлар, ҳҧеиҧш
Новое сообщениеДобавлено: 27 июн 2013, 11:09 
Не в сети
Аватара пользователя

Зарегистрирован: 20 май 2013, 14:04
Сообщений: 211
Есқьынагьы еиҧш иҟоуп иахьагьы зыуаажәлар рҧеиҧш азы хьаа змаӡам, иҟоуп зхада аӡәгьы дзымбо ачынуаагьы (рыҧсы ишамеигӡо атәы шырҳәац ирҳәоит аха), иҟоуп хара имхәыцуа ауааҧсырагьы, иҳагқәоу шәымбаӡакуа шәызҿу закәызеи ҳәа урҭ разҳәашагьы, арҭ зегь агәкажьгақәа роуп. Аха иҟоуп угәы шьҭызхшагьы, иахьа-уаҵәы ҳҵыхәтәы шыҟамло агәра узыргаша. Ажәлар ҧсуам рбызшәа аҧеиҧш аншәарҭам. Ҳбызшәа-ҧшӡала ицәажәо дагхаанӡа. Иацы Аҟәа, амшынҧшаҳәа иаду акаҳуажәырҭаҿ, иаатит Тачкәым ибаҟа. Ари Искандер иперсонажқәа дреиуоуп. Аҧсышәала ицәажәогьы ихәыцуагьы, хымҧада, зегьы дырхаҿсахьоуп, даҳсимволуп


Вернуться к началу
 Профиль  
 
 Заголовок сообщения: Re: Ҳара, аҧсуа жәлар, ҳҧеиҧш
Новое сообщениеДобавлено: 28 июн 2013, 16:45 
Не в сети
Аватара пользователя

Зарегистрирован: 20 май 2013, 14:04
Сообщений: 211
Ҭаҷкәым ҧсыуа лагажәын. Иҭакәажә зны дыхҭалкӡеит: «баша аҿҳәара ушҧаҿҳәатәои, наҟ уцаны мал дук урҳаанӡа арахь уҽсоумырбан», - лҳәеит. Иҟаиҵагәышьоз, мҩаныфас ашәаӡа ихәырџьын инҭаҵаны, аӡыӡ имҧыхьашәаз иџьыба илҭаршәны, дахьынтәмааша мҩакы днықәылт. Дышнеиуаз ӡдук дынхықәгылт. Дахьҧшуа егьи апаҩ адау дгылоуп деиқәыҿаасҭаха. Адау ҿыиҭуеит: «уара, аҧсуа ччиа, уааины уҟәаҟә сықәыртәаны аӡы сырга» ҳәа. Ҭаҷкәым дшәеит, аха иҽааирхаҵан иаргьы адау изҿиҭуеит: «иауеи, сара узырсырго, уааины ухаҭа усыҵал, акәымзар иузызуа иубап». Ажәа еимаркит, реиҳа иҕәҕәоу ҳәа. Усиааиуозар, сара урсыргоит, иҳәан адау, хаҳә дук аашьҭихын, инацәкьарақәа рыбжьара иааирхәашеит. Ҭаҷкәымгьы хаҳәык дашьҭоушәа иҽылаирҟәын, ихәырџьын ашәаӡа ааҭихын, иалаз аӡы иаалирҵәрааит. «Ҟоҳ, ари дыҕәҕәаҵәҟьазаап», иҳәан адау, дырны иҟәаҟә дықәыртәаны аӡы дыригоит. «Уара уласцәоуп, нас асҟак амч улазҵеи?» - иҳәан адау, гәырамгас дышьҭыихит. «Уи ажәҩан сахьынҳаланы сыҽсырласит азоуп, акәымзар уи зычҳауа адау дабаҟоу?» - иҳәеит Ҭаҷкәым. «Да, иааужьи маҷк!» Ҭаҷкәымгьи иӡаӡ адау ижәҩахыр ишилшоз ирымчны иналеиҵеит. «Аа-а, абааҧс, ужәҩан уахьынҳал еиҭа!», - дыҳәҳәеит адау. Аӡы ианыр, "Сара сҟны умҩахыҵроуп, ачарагьы узызуеит", иҳәан, иҽихьынҳало далагеит. "Ибзиоуп, сусасыз, уаҧшәымоуп!, - иҳәан Ҭаҷқәым, уи иахь днымҩахыҵт. Аха адау игәы ҽеик шҭамыз идырны, исаҳарызеишь ҳәа игәы аҽанын. Ус адау иашьцәа "абри дшыцәоу ӡыршык наиҿаҭәаны дҳамшьуазар, уаҳа ҧсыхәа амам" ҳәа ишреиҳәоз иаҳаит. Иаҳәызба хәыҷы ааҭиган, ахаҳә илықәыкны аххра далагеит. "Узҿу закәыи?", - рҳәан, "Шәысгәаҧхоу-шәысгәамҧхоу, зегь акоуп, уажәшьҭан шәыхәдақәа хыҵәҵәаны шәылкасыжьроуп!", - иҳәеит аҭамада-гызмал. Ари заҳаз адау иашьцәеи иареи, ацарҭа рыибамҭо, агәашә инкылахо, досу рхы ахьхаз иҳаш-ҳашуа иҩ ицеит. Ҭаҷкәым имацара данынха, рмал днарылаҧшын, иеиҕьыз аалхны, руардын инақәҵан, рыцәқәа ааҵеикын, има дхынҳәит иҭакәажә лахь. Ларгьы уаҳа аҽҧныҳәа далмыргеит, иара - дахьҿҳәатәаз деиҭанатәеит.


Вернуться к началу
 Профиль  
 
 Заголовок сообщения: Re: Ҳара, аҧсуа жәлар, ҳҧеиҧш
Новое сообщениеДобавлено: 10 июн 2014, 17:56 
Не в сети
Администратор

Зарегистрирован: 25 ноя 2010, 15:04
Сообщений: 2195
Откуда: Аҧсны
Феисбук аҟны, Надежда Ашǝҧҳа илыбзоураны, саҧхьеит Аҧсны Ахада иҭоуба.
«Ҭоуба зуеит, сымч-сылша, схы-сыхшыҩ, сыҧсҭазаара зегьы Сыҧсадгьыл, сыуаажәлар рымаҵ аура ишазыскуа, сыжәлар ирымҭаны снапаҿы иҟало амчра ҳҳәынҭқарра Аконституциа, иахьатәи уи амш, уаҵәтәи уи аҧеиҧш рыхьчараз схы ишасырхәо. Жәлар рылахь соуааит иҧшьоу абри ахықәкы сацәхьаҵны саныҟала».
Аҭоубазы сара сгǝаанагара:
«Ҭоуба бзиоуп. Ак ацҵара аҭахым ҳǝа сгǝы иаанагоит. Аныха акǝзар, алҧха ҳамазааит, ианаамҭоу, ианахǝҭоу атǝыла Ахада иуаажǝлар дрыцны, дазнеир бзиоуп, аха араҟа, сара сшахǝаҧшуала, иара ҭоуба имуазароуп. Аҭоуба ахьиҳǝаша ыҟоуп: ажǝлар рҿаҧхьа, аҳǝынҭқарс даныҟало амш азы. Шǝирак араҟа аҳǝара иашам. Ахышǝирагьы ацҵаны. Ахада Аныха, алҧха ҳауааит, аҧхьа дныҳǝароуп. Анаҩс, ииашахаҭаны ижǝлар, ашықǝстǝи аихшьалақǝа гǝаҭаны, еиқǝханы ибазар, Аҧсны ҭынчразар, аҧсуаа рҳǝоу еибакуазар, амашǝырқǝа маҷӡахазар, аҽшьрақǝа, цǝырҵрак аҳасабала, иҧсыҽхазар, данныҳǝоз Аныха «иҟасҵоит» ҳǝа ззиҳǝаз ҟаиҵароуп, ишьтǝу аџьма (ацǝ) ишьыроуп, иахǝҭоу шахǝҭоу имҩаҧигароуп. Ари сара изхысҳǝаауа, Аныха амҵан ҭоуба ауразы ҳажǝлар рыҩныҵҟа имҩаҧысуа ацǝажǝарақǝа рзоуп. Аҧсны ақьабз (азакǝан) еилазгаз, хымҧада, дахьырхǝтǝуп. Аха Аныхала уи ахьырхǝра анеиҿаҳкаа, ақьабз еилазгаз Аныха «ахы» иқǝшǝаанӡа, иуа-иҭынха ықǝнахоит, ахара зхарам ықǝнагоит. Нас ианаамҭоу Аныха аҧсы иҧжǝаз анеиқǝумыртǝа, уара ухаҭагьы иулгоит… Аха уи нас, аҵыхǝтǝаншǝоуп ианыҟало. Иаҳҭахума, нас, абри? Имаҷны ҳшǝииума? Инҵǝо шынҵǝо шǝымбаӡои? Мап сҳǝомызт, Аныха ахара зхароу ихы неимҭӷа инаҭозар… Аха уи шыҟоу ҳара иҳамдыруеи…».

Андреи (Аслан), абра аамҭала иануҵаз асахьақǝа ааҧшуамызт… Излануҵаз асервис, изыхҟьа сыздыруам, аха асахьақǝа цǝырнагомызт. Убри аҟынтǝ урҭ алызгеит. Асаит асахьақǝа рҭагаларазы сара схы иасырхǝоит абри асаит: http://piccy.info. Уи даара иманшǝалоуп, зныкгьы еибамго ҟанамҵацт. Убри аҟынтǝ ари асаит уабжьазгоит ахархǝараз.


Вернуться к началу
 Профиль  
 
 Заголовок сообщения: Re: Ҳара, аҧсуа жәлар, ҳҧеиҧш
Новое сообщениеДобавлено: 10 июн 2014, 22:18 
Не в сети
Аватара пользователя

Зарегистрирован: 20 май 2013, 14:04
Сообщений: 211
Иҭабуп, ус ахьыҟоуҵаз, Давид.
Егьирахь, Аныхаҿ ҭоуба ауразы иуҳәаз зегьы сақәшаҳатуп. Бота Жьиба феисбук аҿы дыззықәҧо ачынуаа заанаҵ рыгәрамгароуп. Аха Аныхаҿ ақәра ауаҩ иашагьы амч ирбжатаны акәзаргьы иимысыр ҟалом. "Аныха кшеит" рҳәалоит уи азы, иара иихароу иихарам..


Вернуться к началу
 Профиль  
 
 Заголовок сообщения: Re: Ҳара, аҧсуа жәлар, ҳҧеиҧш
Новое сообщениеДобавлено: 15 апр 2015, 10:18 
Не в сети
Администратор

Зарегистрирован: 25 ноя 2010, 15:04
Сообщений: 2195
Откуда: Аҧсны
Аҧсуа дшыҟазааша ҳǝа издыруа, еилыскаауа шǝасҳǝап…

Аҧсуа иаҧсуара еиқǝирхароуп, уи акǝамаҵама дақǝныҟǝароуп, ихатǝы бызшǝа блаҷыцк аҳасабала ихьчароуп, и-Ҧсадгьыл еиқǝирхароуп, аҽаҵархара иламзароуп, аиааира дазгǝышьуазароуп, бнагǝы игǝызароуп, дымшǝароуп, игǝы камҳароуп, ауадаҩрақǝа дрыцǝхьамҵроуп, аиҳабацǝа ражǝа дахымҧароуп, урҭ дырхаҵгылароуп, иеиҵбацǝа ҳаҭырла дрызныҟǝароуп, дмаашьароуп, «исылшом» ҳǝа даанымгылароуп, акриуроуп, инанамго диҵгǝароуп, ихықǝкы дацǝхьамҵроуп, аҵара иҵалароуп, ҧхьаҟа дхǝыцуазароуп, илшо-илымшо идыруазароуп, илымшо илзыршаша дашьҭалароуп, игу хаирҭǝаароуп, ихы-иҧсы дақǝиҭзароуп, ихатǝ гǝаанагара имазароуп, аамҭа баша имгароуп, икǝша-мыкǝша ирҧшӡароуп, мыц имҳǝароуп, аиашара иҧсы ақǝирӡроуп… Ажǝакала аҧсуа дшыҟазааша аҳǝара иаармарианы изылшо аӡǝ дыҟам. Аҧсуа ида Аҧсны аҳ даимуааит!

ИзображениеИзображение


Вернуться к началу
 Профиль  
 
Показать сообщения за:  Поле сортировки  
Начать новую тему Ответить на тему  [ Сообщений: 6 ] 

Часовой пояс: UTC + 3 часа



Кто сейчас на конференции

Сейчас этот форум просматривают: нет зарегистрированных пользователей и гости: 1


Вы не можете начинать темы
Вы не можете отвечать на сообщения
Вы не можете редактировать свои сообщения
Вы не можете удалять свои сообщения
Вы не можете добавлять вложения

Найти:
Перейти:  
cron
Powered by phpBB © 2000, 2002, 2005, 2007 phpBB Group
Вы можете создать форум бесплатно PHPBB3 на Getbb.Ru, Также возможно сделать готовый форум PHPBB2 на Mybb2.ru
Русская поддержка phpBB