APSUAFORUM: The project of David Dasania. Проект Давида Дасаниа

Добро пожаловать на Форум! Welcome to our Forum!
Текущее время: 28 мар 2024, 16:51

Часовой пояс: UTC + 3 часа




Начать новую тему Ответить на тему  [ Сообщений: 4 ] 
Автор Сообщение
 Заголовок сообщения: Аҧсуааи аубыхцәеи
Новое сообщениеДобавлено: 07 дек 2012, 21:32 
Не в сети
Администратор

Зарегистрирован: 25 ноя 2010, 15:04
Сообщений: 2195
Откуда: Аҧсны
Аҧсуа-адыга жǝларқǝа иреиуоу, хылҵшьҭрала аҧсуаа еиҳа ирзааигǝоу, кǝасҭҕахык рыцеиҩызшаз, рхнышьнак рыцеиҩызҵǝаз, шарҧыеҵǝа еиҧш иҩыҵхахаз, хǝылҧыеҵǝа еиҧш инҭашǝаз аубых жǝлар рбызшәеи рҭоурыхи иахьа уажәраанӡа ишрыхәҭоу еиҧш иҭҵаам, рҵас-рқьабз ӡыргам, рхыҵхырҭа дырым, уимоу, урҭ рыҧсадгьыл хәҷы аҵакыраҵәҟьагьы ҳәаақәҵам, иахьыҟаҵәҟьаз, иахьынхоз-иахьынҵуаз цқьа еилкаам.
Хара ҳазцари, аубыхҭҵаара аҩаӡара ахьынӡаҟоу зегьы иреиӷьны иааҧшуеит ҳаҧсуа жәлар аубыхцәа ишрышьҭаҵәҟьаз ахьаҳзымдыруала. Иаадыруазаргьы, уи ахьыӡ ала урҭ ҳара иахьа ҳашрышьҭам. Изеицәааӡари, «аубых» ҳәа акәӡамызт аҧсуаа аубыхцәа ишрышьҭаз. «Аубых» ажәа иахам аҧсуа цәа. Уи цәажәом аҧсышәала. Ари ажәа хыҵхырҭас иамоу адыга бызшәоуп ҳәа агәаанагарақәа шыҟоугьы, еилкаам зыӡбахә ҳамоу ажәа иаанаго уи абызшәалагьы. Нас, ишҧарышьҭаз аҧсуаа аубыхцәа? «Иахьа аубых сасдахьк дысҭан», «урҭ аҭаца иааргаз дубыхҭыҧҳан», мамзаргьы «абааҧс, аубыхцәа ҳақәлеит» рҳәозма?
«Аубых» ажәа аҧсуа цәа шаҟәным здыруа ҳҵарауааи ҳашәҟәыҩҩцәеи иашьҭоуп ари ажәа зларҧсахша хьӡык аҭоурыхаҿ аҧшаара. Џьоук ргәаанагарала, аҧсуаа аубыхцәа ирышьҭан «аублаа» ҳәа. «Аублаа жәлар» ҳәауп аубыхцәа рыӡбахә шҳәоу Баграт Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» аҿы. Уи иҿырҧшы иқәныҟәеит аҧсуа жәлар реиҳараҩӡак. Аха ҳаамҭазтәи аҵарауаа ирзымдыруа иҟам «Аублаа» шыжәлоу. Уи жәлархьӡым, уи жәлахьӡуп.
Иҟоуп гәаанагарақәак аҧсуаа аубыхцәа «асаӡуаа» ҳәа ирышьҭан ҳәа зҳәо. Аха араҟагьы иааҧшуеит аиқәымшәара: ирзутәи Аҧсны аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы инхоз, аҧсуа хылҵшьҭра змаз, асаӡ иҧсуа бызшәала ицәажәоз ҳажәлар рыхәҭа ҷыда?
Иҟоуп даҽа ҩ-гәаанагаракгьы. Актәи агәаанагара излаҳәо ала, аҧсуаа аубыхцәа «агәхауаа» ҳәа ирышьҭан. Ашәуа ҭоурыхҭҵааҩцәа ҿарацәақәак ргәаанагарала, аҧсуааи ашәуааи аубыхцәа «абыхәаа», «абыхә жәлар» (абахәрақәа рҿы инхоз) ҳәа ирышьҭан. Иарбану аҵабырг еилкаатәуп иаарласӡаны. Иаҭахны иҳаҧхьаӡоит аубыхцәа рҭоурых иазкны аӡы злоу ашәҟәдуқәа рҭыжьра аҵкыс еиӷьуп ҳәа аубыхҭҵаара азҵаара хадақәа рҭак ҟазҵо еилацалоу аусумҭа аҭыжьра.
Аубыхцәа ирзынарханы аҵарауаа ирымоуп еиуеиҧшым, лассы-лассы еиҿагыло, аимак-аиҿак цәырзго агәаанагарақәа. Иҟоуп аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы зымҽхак зырҭбааз, аубыхцәа рдоуҳатә ҭынха аимҵәара хықәкыс измоу, аҧсуа-адыга жәларқәа ирыҵкару аҵарауаа иаадырҧшуа аҽазышәарақәа.
Ҵабыргуп, иахьазы аӡәгьы азин имам аҳәара аҵарауаа аубых жәлар рҭоурыхи рбызшәеи хылаҧшыда иаанрыжьт ҳәа. Мап, аубыхцәа рҭоурых гәыгәҭажьӡам. Иҷыдоу азанааҭтә литератураҿы имаҷым ари ажәлар рбызшәеи ркультуреи ирызку аҭҵаарадырратә ҩымҭақәа, ашәҟәқәа. Имаҷым иара убас адунеи аҿы имҩаҧысуа, аубыхцәа рбызшәеи ркультуреи ирызку аконференциақәа. Аамҭа-аамҭала имҩаҧысуеит аҵарауаа рыҭҵаарадырратә ныҟәарақәа. Еиҳарак урҭ мҩаҧысуеит Ҭырқәтәыла: аҵарауаа еиҭахгьы рыҽҧыршәоит ахатәы бызшәа здыруа аубыхцәа рыҧшаара.
Аубыхцәа рҭоурых, иналаршә-ааларшәны, даҽа жәларык ирыдцәыланы, еиҳарак зҵаара мацарала, ҭакда акәзаргьы, проблемак аҳасабала аҭҵаарадырраҟны иқәгылоуп а-19-тәи ашәышықәса алагамҭа инаркны. Усҟантәи аамҭазы Кавказтәи аибашьра зҽалазгалахьаз Урыстәыла ахадара иаарласӡаны ирҭаххеит Кавказ нхыҵ-аахыҵ иқәынхоз ажәларқәа ирызкыз, аҧхьан ирзымдыруаз, иззыбжаз адыррақәа реизгара. Уинахыс ашьхарыуа жәларқәа рахь иаашьҭын аруаа ирыҵкарыз аҧшыхәцәа, аибашьратә ҭоурых ҭызҵаауаз аҵарауаа. Аубыхцәа рахь урҭ иаадырҧшуаз агәцаракра шьаҭас иамаз аилкаара уадаҩым. Урыстәылан ираҳахьан аҧсуааи адыгааи рыбжьара ишынхоз арҭ аҩ-жәларык ирзааигәаз, аха цқьа иреиҧшымз, зхатә бызшәа змаз, егьырҭ ашьхарыуаа иаарылукаартә агәаӷьра злаз, ҟазшьала бнагәы згәыз, аха зхыҧхьаӡара маҷыз жәларык.
Еицырдыруа аҵарауаҩ А.Н. Генко игәаанагарала, аубыхцәа ирызку ижәытәӡатәиу агәаларшәара ҧшаауп а-6-тәи ашәышықәсазы инхоз византиатәи аҭоурыхдырҩи агеографи Прокопи иусумҭак аҿы. Уи уаҟа иҩуан: «Кавказ, абазгаа ртәыла анаҩс, инхоит абазгааи аланааи рыбжьара ишьҭоу брыхәаа ртерриториа». А.Н. Генко иажәақәа рыла, «брыхәаа» зыхьӡу убыхцәоуп.
Ҳаамҭазтәи ҵарауаҩцәақәак ргәаанагарала, еицырдыруа аҭырқәа ныҟәаҩы Евлиа Челеби 1641 шықәсазы ииҩыз иусумҭақәа руак аҿы иазгәеиҭоит «Ваипига» ҳәа хьӡыс измоу, инықәырҧшны аубых жәлар ирхырҧхьаӡалаз ахылҵшьҭра. Аха «Ваипига» аубыхцәа рахь рыҧхьаӡара уадаҩуп, уи ус шакәу зырҵабыргуа шьаҭакгьы ыҟам.
Акьыҧхь аҟны, иҟоу адыррақәа рыла, аубыхцәа рыӡбахә «убух» ҳәа раҧхьаӡа ицәырган И.А. Гиульденштедт ибзоурала 1787 шықәсазы. Аҵарауаҩ иусумҭаҿы иазгәеиҭоит «убух», «туби» ҳәа хьӡыс измоу, еизааигәоу, амифтә ҟазшьала иаарҧшу ҩ-хылҵшьҭрак. Арҭ ахылҵшьҭрақәа рынхарҭаҭыҧс иалхуп Аҧсны аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭа. Маҷк ихьшәаны И.А. Гиульденштедт ибзоурала ицәыргаз аҩ-хылҵшьҭрак П.С. Паллас (1793-1794 шықәсқәа рзы) иалаиҵоит Кавказынхыҵ ишьҭоу Аҧсынду, Шаукеш (иахьазы Белаиа зыхьӡу, аха ҭоурыхла Шьхагәашә, даҽа гәаанагарак ала Шәҳагәашь зыхьӡыз) аӡиас ахы ахьыҵнаго аҭыҧаҿ. 1797 шықәсазы И. Райнегс, И.А. Гиульденштедти П.С. Палласи реиҧш, аубыхцәа Аҧсны иалеиҵоит.
Уи ашықәсан И. Потоцки, аубых жәлар рынхарҭаҭыҧ ицәеилагазаргьы, раҧхьаӡа акәны иазгәеиҭеит аубыхцәа адыгааи аҧсуааи ишрыҵкармыз, иара убас раҧхьаӡа акәны иқәиргылеит азҵаара «аубыхцәа аланцәа ирхылҵшьҭроума» ҳәа.
Хыхь зыӡбахә ҳамаз аҩ-хылҵшьҭрак («убух», «туби») И. Клапрот игәаанагарала аҧсуа бызшәа адиалектла ицәажәон, рлеишәа цәгьан, иқәылаҩцәан, аҩ бзиа ҭарҭәон, аҳцәа (аҭауадцәа) рымаӡамызт, аамсҭацәа рыман, қыҭа-қыҭала акәымкәа рҽырҧсаҟьаны, хҧа-ҧшьба ҭӡы иреиҳамкәа, инхон. И. Клапрот иусумҭаҿ раҧхьаӡа акәны «убухаа» рхылҵшьҭра арбоуп «туби» ҳәа зыхьӡыз ахылҵшьҭра ада. Иара убас раҧхьаӡа акәны Шәача азааигәара, ари аусумҭаҿ, иазгәаҭоуп «шашаа» ҳәа хьӡыс измоу, Л.И. Лавров игәаанагарала, ихыҭҳәаау ахылҵшьҭра. Аха, Л.И. Лавров иҳәамҭала егьа «ихыҭҳәаазаргьы», аҭоурых ибзианы иадыруеит Шәача акәша-мыкәша ишынхоз аҧсуа хылҵшьҭра змаз, асаӡқәа иреиуаз, иахьагьы «ҳаҧсыуаауп» ҳәа Ҭырқәтәыла инхоны изҳәо, иаамсҭацәоу Шәашаа (Шәачаа) рыжәла. Машәыршәа иҟамлазар акәхап Шәача ақалақь ахьыӡ аӡиас Шәачаҧсҭа аҟынтә иахьынтәаауа. Шәачаҧсҭа ахьыӡ иаҿшәырҧшы Кәдыҧсҭа (Акәыдбақәа рыҧсҭа – «ущелье Кудбовых»), Мациҧсҭа (Амацбақәа рыҧсҭа – «ущелье Мацбовых»), Гәымсҭа (Гәымҧсҭа аҟынтә иаауеит, Агәымбақәа рыҧсҭа ҳәа аанагоит – «ущелье Гумбовых»).
1823 шықәсазы «шашаа» («саши» ҳәа аформала) ахылҵшьҭрақәа «убых», «туби» инрыдҳәаланы, нхарҭаҭыҧс Аҧсынду рзалхны, урҭ зегьы асаӡқәа нрылаҵаны иазгәеиҭоит аҵарауаҩ С. Броневски.
Урыстәылатәи анырра Кавказ аҩныҵҟа аҽарҭбаацыҧхьаӡа еизҳауа иалагеит аубых жәлар рыҧсҭазаашьеи рҭоурыхи ирызку адыррақәа. Аҭоурыхтә ҵабырг зныҧшуа аилкаарақәа рнаҩс ицәырҵуа иалагеит мыцла еибарку, аханатә еидкылаз ажәабжьқәа ирҿагылоз адыррақәагьы. А-19-тәи ашәышықәса актәи азбжа инаркны аҭҵаарадырраҿ ицәырҵит арҭ ашьақәырӷәӷәарақәа акыр изырблаҟьаз, аубыхцәа адыга хылҵшьҭра змоу жәларуп ҳәа ауаа ирылазырҵәоз, уинахыс акыршықәса ҧсахрада иаанхаз аурыс афицар Г.В. Новицки итеориа.
А-19-тәи ашәышықәса а-30-тәи ашықәсқәа рзы, раҧхьаӡа маӡалатәи ҧшыхәҩыс, анаҩс Аҧсны иҭҟәаны иҟаз Ф.Ф. Торнау игәаанагарала, Мраҭашәаратәи Кавказ иқәынхо хы-жәларык ыҟоуп: аҧсуаа, адыгаа, аҭаҭарцәа. Ишаабо еиҧш, уи араҟа аубыхцәа рыӡбахә иҳәаӡом, избан акәзар иара издыруам урҭ ҧхьаӡатәу аҧшьбатәи жәларны, мамзаргьы иҧхьаӡатәу аџьарныҟәгаҩцәа раҧхьаӡатәи аныҟәараан амшынҿықә иқәнажьлаз ашәуааи, адыгааи, европааи ирхылҵшьҭраны.
Игәцаракны иҭҵаатәу аусумҭақәа иреиуоуп 1840 шықәсазы идырым автор инапы иҵҵыз арратә-географиатә хҳәаак аҳасабала еиқәыршәоу аусумҭа. Уи излаиҩуа ала, Ҭҟәаҧси Шәачеи рыбжьара инхоит аӡәы ихәура иҭам асаӡқәеи шәачааи ргәыҧтә еилазаарақәа. Ҷыдала иазгәаҭатәуп еилкаам автор аубыхцәа рҭыӡҭыҧс ишазгәеиҭо Аубыхтәыла аҩадатәи ахәҭа.
1852 шықәсазы агазеҭ «Кавказ» адаҟьақәа рҿы ицәырҵуеит аубых жәлар рҭоурых наӡа ганрацәала аҭҵаара аус аҧшьызгаз, «Аубыхцәа аӡынтәи рныҟәара» ҳәы хыс измоу еицырдыруа аҧсуа етнограф, Урыстәылатәи ар афицар С.Ҭ. Ажәанба иусумҭа. Аетнографиатә ҟазшьа шамазгьы, аусумҭа иалалеит аҭоурыхаз хәы змаӡам аубыхцәа рыреилазаареи Абырзыкьаа рыжәла аҭоурыхи зныҧшуа аматериалқәа.
1887 шықәсазы аизга «Кавказ аетнографиа» аҿы иҭыжьын «Аубыхцәа рбызшәа иазкны» ҳәа хыс изауз, аҵарауаа гәацҧыҳәарала ирыдыркылаз абызшәадырҩы П.К. Услар иусумҭа. Ари аҭыжьымҭа раҧхьаӡа акәны ицәырнагеит аубых бызшәа аҷыдарақәа. Уи азыҟаҵараан автор хархәара рзиуит аубых бызшәа ицәгьамкәа издыруаз, 14 шықәса зхыҵуаз арҧыс, ашьхарыуа жәларқәа рхақәиҭратә қәҧара ахагылацәа иреиуаз Ҳаџьы Бырзыкь иҧа иҿиҵааз ажәабжьқәа.


Вернуться к началу
 Профиль  
 
 Заголовок сообщения: Re: Аҧсуааи аубыхцәеи рхылҵшьҭратә еимадарақәа
Новое сообщениеДобавлено: 28 май 2013, 12:24 
Не в сети
Аватара пользователя

Зарегистрирован: 20 май 2013, 14:04
Сообщений: 211
сара хаҭала сҵарауаҩым ари атема салацәажәартә, аха аҵарауаа ирҳәаз саргьы исаҳахьеит. Адунеитәи ахсаала ианыӡаахьоу аублаа хылҵшьҭрала ишаҧсыуаамызгьы, аҧсуа-адыгаа рахь ирхыҧхьаӡалан, шьхантә маҷк илбааны асаӡқәа рыдгьылқәа ркит, ирыцеиҩыршеит. Ари ажәлар социалла усҟак рҽеиҟәдмыршаӡацызт, зинла зегь еиҟаран, рҧызацәа аныхаҧаарагьы ныҟәыргон. Аҧсуаа рҿы ҷыдала пату ақәын ажәа "аубла", ари иагьламысын, иагьхаҵаран, аамсҭашәатә дунеихәаҧшышьан, ииашаран. Аҧсуаа аусӡбра ианақәшәалак, зҿы иҩеиуаз рҭыҧантәи раҳцәа ракәын, урҭ иреиҳаз рыуаажәлар аҳ дрыман, уи иеиҳаз - аҧсҳа (Ачаа умҳәакәа Чачаа узҳәом), уи иеиҳа - Аубла. Аубла иеиҳаз Анцәа ида, аӡә дыҟамызт. Зегь ианихаҵгылоз аубла дарбанзаалак агылара ихәҭамызт. Иахьа Шәача анаҩс иҟоуп инханы аҭыҧхьықәа аублаа рыӡбаху еиҭазҳәо, Вардане - Аҩарданаа рџьынџь. Уимоу, ақырҭцәа иахыччоит, ари адгьыл ҳа ишаҳтәыз шәымбаӡои, Чемитоквадже мацарагьы азымхаӡои ҳәа. Аиашазын, шьоук рыҧсра даҽа шьоук ирчарахеит уҳәап. Аублаа рбызшәала "квадже" - ахаҵатә ҧхашьараӡам, ақыҭоуп иаанаго, Чамыта иқыҭа.
еиҳа здыруа, абра ианышәҵала аҭыҧхьыӡқәеи жәлала изтәуи. шәхы иашәырхәар ҟалоит аҧсуа виртуалтә клавиатура, са ишыҟасҵаз еиҧш. http://amarial.com/projects/keyboard.php


Вернуться к началу
 Профиль  
 
 Заголовок сообщения: Re: Аҧсуааи аубыхцәеи рхылҵшьҭратә еимадарақәа
Новое сообщениеДобавлено: 06 янв 2014, 11:41 
Не в сети
Администратор

Зарегистрирован: 25 ноя 2010, 15:04
Сообщений: 2195
Откуда: Аҧсны
Аублааи аубыхцәеи еиларҩашьатәым. Абас ихәыцуеит аҧсуаа ҵарауаа. Убасҵәҟьа сгәы иаанагоит саргьы. Аублаа – ари ҧсыуа жәлоуп, саӡқәоуп. Аамҭала урҭ ирыхьҧшын аубыхцәагьы. Еиӷьзар ҟалап «убыхи» аҧсшәаҿ еиҭагазар «абыхәаа» ҳәа. Уи сара хыхь салацәажәахьеит.
Ҳәарада, абыхәаа аҧсыуаамызт. Аха урҭ хылҵшьҭралеи бызшәалеи еиҳа аҧсуаа ирзааигәан. Убри азоуп аныҟәаҩцәа аӡәырҩы абыхәаа абазақәа рахь изаларҵоз. 1776 ш. азы анемец ҵарауаҩ Иоанн Готлиб, абыхәаа рыӡбахә шимаҳацызгьы, урҭ ахьынхоз адгьылқәа иҧхьаӡон атәыла Абазаниа аҵкарқәа иреиуаны. Аҧсны иаланы иҧхьаӡон абыхәаа рыдгьылқәа Иоганн Гиульденштедти 1787 ш. азы. Абас игәы иаанагон Палласгьы 18-тәи ашәышықәса анҵәамҭазгьы. Клапрот игәаанагарала, абыхәаа цәажәон аҧсуа бызшәа адиалеқтқәа руак ала.
Аиашахаҭа шыҟаз аарҧшра уадаҩзаргьы, абыхәаа ирыхьыз аилкаара цәгьам абри аҿырҧштәы ала. Абыхәаа акыршықәса адыгаа рааигәара инхон. Уи ҟалеит адыгаа Амшын Еиқәахь рҿанынарха. Бжьаратәла уи ақәшәоит, сымҩашьозар, а-17-18-тәи ашәышықәсақәа рзы. Адыгшәа, изеицәааӡари, еиҳа имариоу бызшәоуп. Абыхә бызшәа аҧсшәеи ашәуа бызшәеи раасҭагьы ицәгьан. Урҭ ржәар шьақәгылан 82 шьҭыбжь рыла. Аҵарауаа излазгәарҭо ала, абыхә бызшәа аҩыратә еиҿартәышьала еиҳа аҧсшәа иазааигәоуп, ажәарла – адыга бызшәа. Ари џьашьатәӡами? Ишҧаҟалеи ус? Абыхәаа ирыхьҵәҟьаз аҳәара уадаҩым. Ҳара иахьа ҳааҟәымҵӡакәа, аҧсшәа зырбеио ашьаҭақәа ҳанрыцәхьаҵны, иаҳҳәап, ақырҭуа, ма адыга шьаҭақәа, ажәақәа инамцхәны ҳхы иаҳархәо ҳалагар, уаҵәы ҳхатә жәарда ҳаанхоит.
Аҿырҧшы аарҧшразы имҩаҧаагап хҧышәара хәҷык. Иҳаҧсахып, иҟало аилкааразы, аҧсуа ажәақәа адыгшәа иалоу ажәақәа рыла. Анаҩс, иаҳҳәап, аҧсыӡ иахьӡаҳҵар «ҧцажәы», абза азы иаҳҳәар «ҧсау», аӡиас азы – «ҧсыхәа», аҵыхәтәаны иаҳцәалҵыр ҟалоит абас еиҧш иҟоу «аҧсуа» ҳәоу: «аҧсыхәа иҭан аҧцажә ҧсау» ҳәа. Уи адыга илымҳа аҟынӡа инеир, иҿы ашәах ықәырчны ишьақәирӷәӷәо далагоит аҧсуаа ҧсыуаам, иадыгацәоуп ҳәа. Абри ауп абыхәаа рыцҳақәа аамҭала ирыхьызгьы.


Вернуться к началу
 Профиль  
 
 Заголовок сообщения: Re: Аҧсуааи аубыхцәеи рхылҵшьҭратә еимадарақәа
Новое сообщениеДобавлено: 04 апр 2015, 11:29 
Не в сети
Администратор

Зарегистрирован: 25 ноя 2010, 15:04
Сообщений: 2195
Откуда: Аҧсны
Ааигǝа Адгǝыр Какоба феисбук иҭеиҵеит авидеонҵамҭа ссир. Уаҟа аҧсышǝацқьала дцǝажǝоит ааигǝа зыҧсҭазаара иалҵыз Аҭыршба Ҭальаҭ. Уи иаирбеит аҧсуа дшыҟалаша. Ари ҧсыуарҵагак иаҩызоуп, аҵакы ӷǝӷǝоуп, хǝы змам акоуп. Уи жǝбарц шǝылшоит иара идаҟаьаҿ. Иара убас шǝахǝаҧшырц ҟалоит сара сдаҟьааҿгьы. Игǝашǝҭ мшаҧымза 4 азы сдаҟьа иҭазгалаз анҵамҭақǝа...

Анцǝа диныҳǝааит ари авидеонҵамҭа ҭызхыз! Ҳажǝлар рҭоурых зынагӡахомызт ҳǝа сгǝы иаанагоит уи анҵамҭада. Иаҳцǝыӡхьоу рацǝаӡоуп… Иазхазааит. Ари анҵамҭа сара избеит ҳҩыза ду Адгǝыр Какоба идаҟьаҿы. Ари анҵамҭа иахьазы здаҟьақǝа ирну ауаа 77-ҩык ыҟоуп. Саргьы уажǝ уа снацлоит. Исҭаххеит Аҭыршба Ҭальаҭ дуӡӡа ииҳǝаз шьақǝыргыланы искьыҧхьырц. Аӡǝы ишǝыхǝап, уи иныҳǝара џьара инеиҭашǝҳǝап. Ижǝдыруазар сҭахуп сара Аҭыршбақǝа раҳǝшьаҧацǝа сышреиуоу. Санду (сан лан) Ачагǝааҧҳа Мацаца Аабыџь-иҧҳа лан д-Аҭыршҧҳан, Ҳаҭџьа лыхьӡын, Ҭырш Ҭаршьмахǝ иҧҳа лакǝын. Ҳаҭџьа лан лыжǝлагьы здыруеит. Уи ды-Смырҧҳан, Хьшьы лыхьӡын, Смыр Хакǝыцǝ иаҳǝшьа лакǝын, Смыр Быџ диҧҳан. Издыруеит Ҳаҭџьа лан лыжǝлагьы. Уи д-Маанҧҳан, лыхьӡ сзышьақǝмыргылацт.
Ҭальаҭ рыцҳа дыҧсгǝышьеит ааигǝа. Даараӡа сгǝы далоуп, дшызымбацызгьы. Џьанаҭ гыларҭас иоуааит! Уахь иҟоу амшра далхымзааит! Иҧсы сакǝыхшоуп! Мышкызны уахь саннеиуа ҳаҧсқǝа еиқǝшǝааит!
Ҭыршаа, аиашазы, аҭоурых ду рыман. Урҭ, изларҳǝо ала, абыхǝ жǝлар (аубыхқǝа) иреиуан. Санду лан Аҭыршҧҳа Ҳаҭџьа, изласаҳахьоу ала, Чагǝаа Аабыџь Ҭырқǝтǝылантǝ дизааргеит. Уи шыҟалаз абас ауп…
Ҽнак зны калдахǝаратǝи аҳ Инал-иҧа Рашǝҭам Ҭырқǝтǝылантǝ афирман (ашǝҟǝы) изааит аҭырқǝа сулҭан иҟынтǝ. Уаҟа асулҭан Аинал-иҧа диҳǝеит ҧсыуа ӡӡеик дизааишьҭырц азы. Рашǝҭам иашьцǝа еизигеит. Еизганы дразҵааит «ӡӡеис асулҭан изаҳшьҭода» ҳǝа. Аинал-иҧацǝа еицҿакны лыхьӡ рҳǝеит санду Ачагǝааҧҳа лабду Чагǝаа Баӷ Шьаматлыкǝ-иҧа иаҳǝшьа Ҳаным лыхьӡ. Ҳаным дыҧҳǝысеибан. Уи лыҧшǝма Инал-иҧа Сарлыҧ 25-ҟа шықǝса шихыҵуаз даачмазаҩхан дыҧсит. Ҳаными Сарлыҧи рҧа Ҳалыл 15 шықǝса раҟара анихыҵ ҿыкчымазарак дагеит. Ҳаным агǝаҟра дафахьан, аха дажǝӡамызт, дыҧшӡан, даҧсыуаҳкǝажǝын.
Лабхǝараа злалыҳǝаз ала мап лзымкит, лҽааизылган Ҭырқǝтǝылаҟа дцеит хǝы-шықǝса ҳǝа. Ҭырқǝтǝылаҟа длыцырҵеит лашьа Баӷгьы. Баӷ хы-шықǝса Ҭырқǝтǝыла дыҟан. Аҧсныҟа данаауаз изгоз ахьы иман дааит. Асулҭан иҳǝсацǝа руаӡǝы, изларҳǝоз ала, д-Ҳагҧҳан. Уи лыҷкǝын иакǝын ҧсыуаҵас иааӡатǝыз. Асулҭан иҧа дшылааӡоз акǝымкǝа асулҭан ихаҭа илаҧш дыҵашǝазаап. Асулҭан Ҳаным дигǝаҧхеит. Ҧыҭраамҭак ашьҭахь ларгьы асулҭан дылгǝаҧхазаап. Азныказы «асулҭан илаҧш иҵашǝаз» ҳǝа ахан аҟны лаҳаҭыр шьҭыҵзаап. Ҭырқǝшǝала асулҭан илаҧш иҵашǝаз аҧҳǝыс «gözde» (гёздэ) ҳǝа ларҳǝон. Ҽнак зны асулҭани Ҳаными еиниеит хаҵеи-ҧҳǝыси раҳасабала. Уинахыс «асулҭан дзыниаз» (ikbal) ҳǝа аҳаҭыртǝ хьӡы аалхалеит. Анаҩс Ҳаным ахшара длоузаап. Изларҳǝо ала, аҧшқа дыҷкǝынан. Асулҭан иҧа данлоу нахыс Ҳаным дқадынхеит. «Қадын» ‒ ари апринцесса лыҩаӡара иақǝшǝо хьӡызаарын. Ақадынцǝа ирыман рхатǝ хан хǝҷы. Уи «даире» ахьӡын. Ирыман убасҵǝҟьа амаҵуцǝа: хазнедар-усҭа (аҧара знапаҿы иҟоу), башь-қьаҭиб (аҩҩы хада), муҳурдар (амҳǝырныҟǝгаҩы), есвабџьи (ашǝҵатǝқǝа ирхылаҧшуа), ахьчаҩцǝа, қальфа (атǝцǝа иреиуоу аҳǝса быргцǝа), ахǝыҟаҵаҩцǝа, ҳальаиқ (анахь-арахь иршьҭуа атǝцǝа иреиуоу аҳǝса) уҳǝа убас егьырҭгьы. Хǝы-шықǝса рнаҩс Ҳаным лҧа дааныжьны Аҧсныҟа дгьежьуеит, избан акǝзар уи илылымшеит Аҧсны ақǝымзаара. Данаауазгьы, изларҳǝо ала, Ҳаным илзышьҭхуаз ахьы лыманы даарышьҭит. Баӷ Аҧсныҟа данаауаз иҷкǝын изы дааигеит Ҭыршаа аинрал-фельдмаршалцǝа раҳǝшьа Ҳаҭџьа. «Ар рҧызацǝа», «ар ахагылацǝа» драҳǝшьан ҳǝоуп сара ишсаҳахьоу. Ари аҭоурых сара даараӡа ҳаҭыр сзақǝуп, ианысгǝаламшǝогьы ыҟам. Акызаҵǝык сзынхьаауа: исҭахуп еилыскаарц, избарц, сырҭаарц Ҭырқǝтǝыла инхо Аҭыршбақǝа, лымкаала, аинралцǝа рыхшара, урҭ рабиҧара. Абри аҟны аӡǝыр Ҭырқǝтǝылантǝ ацхыраара шǝзыҟаҵозар, даара сышǝзыразхон, сыҧсы ҭанаҵа исхасыршҭрымызт.
Аҳы, уажǝшьҭа ҳазыӡырҩып санду ланшьа Аҭыршба Ҭальаҭ иажǝаҭынха:
«Аҧсуа еиқǝшǝа акриуроуп, инанамгоны иҟоу дихǝароуп, имгǝа ихьааны иибо имфароуп, ажǝа бааҧсы иҿыҵимхыроуп, дыззрыҧхашьоны иибо ҟаимҵароуп, хǝыхǝын-ӡыхǝын иламзароуп, гǝаҟраны иахьибаз иҽаҧишьроуп, изеицǝаӡаны иҟазаргьы амц имҳǝароуп, иҿы иҭшǝо ҵабыргызароуп, ихы-иҧсы дақǝиҭзароуп, аиашара иҧсы ақǝирӡроуп, ар (ауаа) рҟны иҧҳǝыс димырџьароуп, аиахьшьа (аиаҳǝшьа) леиҧш дибароуп, ихǝарҭамзар еиҿыҵроуп, ахаҵа далзырго аҧҳǝыс лоуп, иқǝшǝаз ауаҩ дмаҷимшьароуп, иеиҳа зланы иҟоу иеиҧш дихǝаҧшыроуп, иеиҳаны иҟоу ауаа дырҿаччароуп (дгǝыбзыӷзар ауп ҳǝауп иаанаго), иеиҳа здыруаны иҟоу ауаа дырзыӡырыҩроуп. Шǝсазҵаауазар, Ҳендеқь ақыҭа сеиуоуп, с-Аҭыршбоуп, Ҭальаҭ сыхьӡуп. Шǝышықǝса шǝаамҭа, шǝымыз, шǝыҵых, шǝымыш ишǝзыхаирхааит! Сара издыруа уи аҟароуп».


Вернуться к началу
 Профиль  
 
Показать сообщения за:  Поле сортировки  
Начать новую тему Ответить на тему  [ Сообщений: 4 ] 

Часовой пояс: UTC + 3 часа



Кто сейчас на конференции

Сейчас этот форум просматривают: нет зарегистрированных пользователей и гости: 1


Вы не можете начинать темы
Вы не можете отвечать на сообщения
Вы не можете редактировать свои сообщения
Вы не можете удалять свои сообщения
Вы не можете добавлять вложения

Найти:
Перейти:  
cron
Powered by phpBB © 2000, 2002, 2005, 2007 phpBB Group
Вы можете создать форум бесплатно PHPBB3 на Getbb.Ru, Также возможно сделать готовый форум PHPBB2 на Mybb2.ru
Русская поддержка phpBB