Аҽхәара́шәа 2 Дави́д иҽхәара́шәа.
1 Изба́н изе́илагәаҭеиз а́жәларқәа, а́жәлашьҭрақәагьы агәы́ҵха рыҽза́ларҵаз ба́ша? 2 Ицәы́рҵит а́дгьыл а́ҳцәа, аиҳабцәагьы́ ҭы́ҧкаҿ еизга́н Иҳа́қәиҭу иҿагы́ланы, Иара И́хәшазыхьшьугьы иҿагы́ланы. 3 Урҭ ршьамҭла́ҳәқәа еиҿҳарҟьа́п, иҳа́дҳарҟьап урҭ ру́ӷә. 4 Жәҩа́наҿ инхо́ урҭ дырхы́ччоит, Иҳа́қәиҭу урҭ хьымӡӷ дирго́ит. 5 У́сҟан иҧсы́ еибакны́ дара́ ире́иҳәоит, игәы́ ҧжәаны́ ины́ҵирккоит. 6 Сара́ Иара и́ла Сио́н, иҧшьоу и́шьха, аҳас сы́қәыргылан; 7 ишәзы́насцҳауеит Иҳа́қәиҭу идҵа́ра: Иҳа́қәиҭу Сара́ исе́иҳәеит: «Сҧа Уара уо́уп, Сара́ иахьа́ Уара́ усыхше́ит. 8 Сара́ усы́ҳәа, а́жәларқәагь Уара́ иу́сҭоит − уҭынха́ра, ума́зарас − а́дгьылҳәаақәагьы. 9 Аиха́тә лаба́шьа кны дара́ ухьчо́ит, даргьы́ аҳаҧшьа́ҟаҵаҩ имкьа́ҭқәа реиҧш еилау́рхәашоит». 10 Уажәгьы́, а́ҳцәа, еилы́шәкаа, ишәҵа́, а́дгьыл а́ӡбаҩцәа зегьы́. 11 Ашәа́ра шәша́лоу Иҳа́қәиҭу и́маҵ жәула́, аӡы́ӡара шәша́лоу Иара́ иҿа́ҧхьа шәгәы́рӷьала. 12 А́жәадҵа шәхы иашәы́рхәа, Иҳа́қәиҭу иҧсы́ еиба́мкырцаз, шәаргьы́ шәҭахо́ит ииа́шоу а́мҩа шәацәыхҟьа́р. Лассы́ игәаҧсахы́ а́мца анацра́лалак, бзаба́а ры́моуп зегьы́, Иара и́қәгәыӷуа.

|